Аԥыза-министр идҵала, аинтенсивтә амассатә вакцинациа ацентрқәа реиҿкаара аплан амчыбжь иалагӡаны аус адырулоит
Аԥыза-министр идҵала, аинтенсивтә амассатә вакцинациа ацентрқәа реиҿкаара аплан амчыбжь иалагӡаны аус адырулоит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала Аиҳабыра радминистрациа аҿы Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара мҩаԥысит.

Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аинформациа ала, ахеилак алахәылацәа атәылаҿ иҟоу аепидҭагылазаашьа иахәаԥшит, азгәарҭеит астабилизациа атенденциа шыҟоу. Ахеилак еилатәараҿ авакцинациа апроцесси алаҵа иацҵаны адозақәа раагареи рыхцәажәеит.

Апрессмаҵзура адыррақәа рыла, ашықәс анҵәамҭанӡа амобилизациа рзыруеит 3,6 млн доза алаҵа. Аԥыза-министр идҵала, аинтенсивтә амассатә вакцинациа ацентрқәа реиҿкаара аплан амчыбжь иалагӡаны аус адырулоит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак, ганкахьала, аекономика аиҭашьақәыргылара ацхраареи, егьи аганахьала – аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаҳа еицәамзарц азыҳәан, аҧкрақәа рырҧсыҽра апроцесс аҿы гәанызаарыла анеҩстәи ашьаҿақәа рыҟаҵара нарыгӡоит; ахеилак алахәылацәа ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит арегулиациақәа зегьы ирықәныҟәаларц, асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц.

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа, акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 350 428-ҩык, урҭ рҟынтә 335 029-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 951-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 35-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 635-ҩык, астационар аҿы – 3333-ҩык атәылауаа.

Аҧыза-министр инапхграла аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.