Аҭырқәа-анемец авиаеилахәыра SunExpress Қырҭтәыла аусура иалагеит.
«Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидгыла» аинформациала, иахьа ашырҧаз, авиеилахәыра, аҳаирплан Боинг 737-800 ала, Анталиантә Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа раҧхьатәи еиҧҟьарадатә ареис мҩаҧнагеит.
Аинформациа ишану ала, SunExpress Қарҭҟа иҧыруеит Ҭырқәтәыла 3 қалқьк рҟынтәи: Анкареи, Анталиеи, Измири. Ареисқәа мҩаҧгахоит мчыбжьыкахь хәынтә.