Аҭынчра ацҳа арҽеиратә усурақәа ихыркәшоуп. Ари ааицҳаит Қарҭ ахада Каха калаӡе иахьа имҩаԥгаз аҳҭныалақьа аиҳабыра реилатәараҿ.
Калаӡе иажәақәа рыла, арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара иахылаԥшуан атәымтәи аҭыԥантәи специалистцәа.
“Аҭынчра ацҳа” арҽеира ҳаналага, уи аԥхасҭа ду аман. Уажәы арӷәӷәаратә усурақәа ихыркәшоуп, 200 метр аураҿ аԥхасҭа змаз аҭыԥқәа ирҽеиуп. Ихьазы “Аҭынчра ацҳа́” аныҟәаҩцәа рзы ишәарҭам. АРҭ амзқәа рзы ацҳа арлашара нагӡахоит”, – иҳәеит Калаӡе.
Аҭынчра ацҳа арҽеира азалхын 1400 000 лари.