Аҭҵаарақәа рыла, Америка ауааԥсыра реиҳара Урыстәылеи Украинеи реибашьра ахырқәшара азҵаараҿ ахада Дональд Трамп изнеишьа иақәшаҳаҭым
Аҭҵаарақәа рыла, Америка ауааԥсыра реиҳара Урыстәылеи Украинеи реибашьра ахырқәшара азҵаараҿ ахада Дональд Трамп изнеишьа иақәшаҳаҭым

Иҿыцу ҩҭҵаарак рыла, Америка ауааԥсыра реиҳара Урыстәылеи Украинеи реибашьра ахырқәшара азҵаараҿ ахада Дональд Трамп изнеишьа иақәшаҳаҭым.

CNN аланарҵәаз аҭҵаара инақәыршәаны, америкаа 59% ргәы шаанаго ала, Дональд Трамп изнеишьа Украина кыраамҭатәи аҭынчра азаагара азлшом, 41% ргәы шаанаго ала Трами аҭнычра ашьақәыргылара илшар ҟалап.

59% иргәаԥхом Дональд Трамп ЕАШ-и Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы иҟаиҵо ашьаҿақәа.

Еиԥшу асахьа аанарԥшит Quinnipiac-гьы. Алхыҩцәа Дональд Трампи Володимир Зеленскии Аҩны шкәакәаҿ ирыбжьалаз аимак ргәамԥхеит, 58% Трамп ихымҩаԥгашьа ргәамԥхеит, 35% – иргәаԥхеит.

CNN аҭҵаара хәажәкыра 6-9 рзы еилахәыра  SSRS мҩаԥнагеит. Аҭҵаара рхы аладырхәит 1206-ҩык атәылауаа.

Quinnipiac аҭҵаара хәажәкыра 6-10 рзы мҩаԥнагеит. Аҭҵаара рхы аладырхәит 1 198-ҩык атәылауаа.