Дональд Туски Жан Клод Иункери Гьаргь Гахаиа иахь  -  Шәара ишәымоу аҧхьагылазаара аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла адемократиатә институтқәеи аинклиузивтә политикатә лагылазаареи  реидкыларазы
Дональд Туски Жан Клод Иункери Гьаргь Гахаиа иахь  -  Шәара ишәымоу аҧхьагылазаара аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла адемократиатә институтқәеи аинклиузивтә политикатә лагылазаареи  реидкыларазы

 

Европа Ахеилак ахада Дональд Туски Еврокомиссиа ахада Жан Клод Иункери Гьаргь Гахариа Аҧыза-министр иҭыҧ аанкылара идырныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ишазгәаҭоу ала, Европа Ахеилаки Еврокомиссиеи Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыцхраауеит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра рылахәызаара аизырҳара иазку аҽазышәарақәа рҿы.

„Иҕәҕәоу ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи, ассоциациа аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳполитикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәареи, аекономикатә интеграциа аплан анагӡареи азыҳәан шәара шәҟны аусеицура ҳахыццакуеит. Шәара ишәымоу аҧхьагылазаара аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла адемократиатә институтқәеи аинклиузивтә политикатә лагылазаареи  реидкыларазы“, – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.