4-тәи  Крҵанистәи алхырҭаҿы абиуллетенқәа рыҧхьаӡоит аелектронтә аҧхьаӡаратә машьынақәа рыла
4-тәи  Крҵанистәи алхырҭаҿы абиуллетенқәа рыҧхьаӡоит аелектронтә аҧхьаӡаратә машьынақәа рыла

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Сиориӡе иҳәамҭала, алхратә реформақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аларҵәара роуит еиуеиҧшым атехнологиақәа.

Иара иажәақәа рыла, атәыла зехьынџьара иаладырҵәоит авидеофиксациатә система.

Сиориӡе ишиҳәаз ала, хшыҩзышьҭра ҷыда амазаауеит  4-тәи Крҵанистәи алхырҭа, уаҟа абиуллетенқәа рыҧхьаӡоит аелектронтә аҧхьаӡаратә машьынақәа рыла.

«Алхратә сиақәа анҳариашалак, Крҵаниси алхыҩцәа алхыҩ икарта инацҵаны, аинформациатә флаерқәагьы роуеит, уаҟа иарбазаауеит авидеоклип азы аинтернет-азхьарҧш, уи асоциалтә аҳаҿы иалаҳарҵәоит, уаҟа абжьыҭира шымҩаҧгатәу азы аинформациа наӡа анызаауеит», — иҳәеит Гьаргь Сиориӡе.

Иара ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аҿыцҧшьгара абжьыҭира амаӡа аиқәыршәара ауп изызку.