300 лари аиҳабыратә цхыраара роухьеит 14 302ҩык ауааҧсыра

Аусурҭала аиқәыршәара аҳәынҭқарратә агентра аинфомациа ала, аиҳабыратә цхыраара роухьеит 14 302ҩык ауааҧсыра.

Агентра адыррақәа рыла, акомпенсациа аиуразы аелектронтә азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагахьеит. Ҧхынҷкәын 3 рзы иалагаз апроцесс нагӡахоит ҧхынкәын 24нӡа.

Зныкәи акомпенсациа роур рылшоит  2020 шықәса абҵара 28 рзы ишьақәыргылаз аҧкрақәа рымшала зусура аанкылаз  ауааҧсыра.