240 социалла ихьчам аҭаацәарақәа аҧаратә ваучер  «Агәыҳалалратә карта» роуеит
240 социалла ихьчам аҭаацәарақәа аҧаратә ваучер  «Агәыҳалалратә карта» роуеит

65 000 еиҵны ареитинг баллқәа змоу,  16 шықәсанӡа зхыҵуа зылшарақәа маҷу ауаҩҧсы дахьыҟоу, социалла ихьчам аҭаацәарақәа  «Агәыҳалалратә карта» роуеит.   Агәыҳалратә акциа еицымҩаҧыргоит Асоциалтә аиқәыршәаразы агентреи Нино Сургулаӡе лфонди.  Зыӡбахәы ҳәоу акартақәа роуеит  240 социалла ихьчам аҭаацәарақәа.

Акциа амҩаҧгара активла иацхраауеит аилахәыра  «SOCAR».

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Баркалаиеи Нино Сургулаӡеи  социалла ихьчам аҭаацәара ирызнеины, аҧаратә ваучер рырҭеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аваучер ала, арҭ ауаа амедицинатә зкызаара змоу атауарқәа аархәар рылшоит. Акарта ахархәара ҟалоит аилахәыра  «Аверси» апҭекақәа рҿы. Аваучер аиуразы, социалла ихьчам аҭаацәара иашьашәалоу арзаҳал хадырҭәаароуп.

Акциа нагӡахоит хәажәкыра анҵәамҭанӡа.