Социалла ихьчам аҭаацәарақәа рбаза иану, 150 000 аасҭа еиҵны ареитингтә балл змоу аҭаацәарақәа, дара рхы иадырхәаз афымцазы 2024 шықәсазгьы асубсидиақәа рзоурыжьҭуеит
Социалла ихьчам аҭаацәарақәа рбаза иану, 150 000 аасҭа еиҵны ареитингтә балл змоу аҭаацәарақәа, дара рхы иадырхәаз афымцазы 2024 шықәсазгьы асубсидиақәа рзоурыжьҭуеит

Социалла ихьчам аҭаацәарақәа рбаза иану, 150 000 аасҭа еиҵны ареитингтә балл змоу аҭаацәарақәа, дара рхы иадырхәаз афымцазы 2024 шықәсазгьы асубсидиақәа рзоурыжьҭуеит.   Аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала имҩаԥгаз аекономикатә хеилак еилатәараҿы.

Ахҵәацәа русқәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, 2023 шықәса анҵәамҭаз Арегулиациатә комиссиа аӡбарала абзазаратә хархәара змоу афымца ахә 3,0 ҭеҭри ала ишмаҷхазгьы, социалла ихьчам ауааҧсыра, ҧасеиҧш, асубсидиақәа роуеит.  

Аминистр иҳәамҭала, 2024 шықәсазы, социалла ихьчам аҭаацәарақәа, ареитингтә баллқәа инрықәыршәаны,  рхы иадырхәо киловаттк афымцазы ирзоурыжьҭуеит 12,5 ҭеҭри. Зыӡбахәы ҳәоу азинҷыда рхы иадырхәоит  250 000 раҟара аҭаацәарақәа.