2024 шықәса инаркны акьыба ачымазара змоу апациентцәа заанаҵтәи агәаҭарақәа рзы аҧара рзоушьхоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Ираклия Гарибашвили иҳәамҭала, иааиуа ашықәс инаркны агәабзиарахьчара абиуџьет аздырҳауеит, ари аҧарала аинициатива ҿыцқәеи апроект ҿыцқәеи мҩаҧыргоит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Агәабзиарахьчара аминистрра иацҵаны 65 миллион лари аиуеит, зынӡа аминистрра абиуџьет 1 миллиар 800 миллион иаҟарахоит.
«Ҳара аҧара абас иаҳшеит: агәабзиарахьчара апрограммақәа иаҳа ирацәаны аҧара рзоуҳашьҭуеит, иааиуа ашықәс азы ачымазара лаҽқәа рзы амедикаментқәа здызкыло атәанчуаа шықәсык иалагӡаны хәада-ҧсада ахәшәқәа роуеит. 2012 шықәсазы 110 лари иаҟараз атәанчахә 500 лари аҟынӡа иазҳаит. Ҳара иҟаҳҵаз ашьаҿақәа рыбзоурала, 2024 шықәсазы ҳтәылауаа ахәахтәқәа рыла 300 миллион инаркны 400 миллион лари аҟынӡа аиҷаҳара рылшоит. Ҳара абри аҩыза азҧхьагәаҭарақәа ҳамоуп, ҳтәылауаа хырҳагара ду роуеит. Ахәшәқәа рыхәқәа маҷхеит, аминистрраҿы акрызҵазкәа аиҭакрақәа ҟалеит, ҳара ари апроцесс ҳахылаҧшны, иаҳа еиҕьаҳтәуеит.
Иара убас, Зураб Азарашвили иинициатива ҿыц инақәыршәаны, акьыба ачымазара змоу апациентцәа зыхә цәгьоу заанаҵтәи агәаҭарақәа рзы аҧара рзоуҳашьҭуеит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.