2022 шықәса актәи аквартал адыррақәа инрықәыршәаны, амҩатә амашәырқәа рымшала  Қырҭтәыла иҭахеит  99ҩык
2022 шықәса актәи аквартал адыррақәа инрықәыршәаны, амҩатә амашәырқәа рымшала  Қырҭтәыла иҭахеит  99ҩык

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,  2022 шықәса актәи аквартал адыррақәа инрықәыршәаны, амҩатә амашәырқәа рымшала Қырҭтәыла иҭахеит  99ҩык. Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, зынӡа Қырҭтәыла иҟалеит 1121 амҩатә амашәырқәа, урҭ рҟынтә,  42 афактқәа раан арныҟәцаҩцәа аҩыжәны иҟан.

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,  2022 шықәса актәи аквартал азы атәылаҿы 3066 абылрақәа ҟалеит,  16ҩык иҭахеит,   59ҩык аграқәа роуит. Абылрақәа рымшала атәылаҿы иблит 114 ахыбрақәа.

Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,  2022 шықәса актәи аквартал  азы  «атраффикинг» (ауаа рыл ахәаахәҭра) ахәҭаҷ ала 3 ацәгьаурак иҟан.