«Аԥсахрақәа рзы акоалициа» хаҭарнакцәа Евроеидгылеи, Британиа Дуи, ЕАШ-и иаарту ашәҟәы рзынарышьҭит.

Ашәҟәы ишану ала, Қырҭтәыла аполитикатә кризис ада, адемократиатә дунеи аҿаԥхьа иҟоу ацәаҩашәатә ԥышәара цәгьа ақәшәеит.

Ашәҟәы авторцәа мраҭашәаратәи апартниорцәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит лак-ҩакрада ак ҟарҵарц.

«Шәара шәахь ааԥхара ҟаҳҵоит:

1. Урыстәылаҟны аусеицуреи, аӡбарҭатә манипулиациақәеи, аполитикатә кыдцаларақәеи зхароу Биӡина Иванишвилии, Иракли Кобахиӡеи де-факто аофициалтә хаҿқәа зегьы асанкциқәа рзышьақәшәыргыларц;

2. ЕАШ Асенат MEGOBARI аднакыларц.

3. Аполитикатә баандаҩцәа ахьынӡаҭаку арежим аҟны иарбанзаалак аполитикатәи афинанстәи аусеицура аанышәкыларц.

4. Ақырҭуа демократиатә оппозициеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, Аҳәынҭқарра Ахада Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлар европатәи ргәазыҳәара азакәантә хаҭарнакцәа раҳасабала иазхашәҵарц», – иануп иаарту ашәҟәы аҟны.