Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла аккредитациа змоу ЕАР-и егьырҭ жәларбжьаратәи еиҿкаарақәеи рхаҭаранкцәеи дырԥылеит
Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла аккредитациа змоу ЕАР-и егьырҭ жәларбжьаратәи еиҿкаарақәа урҭ рхаҭаранкцәеи дырԥылеит.
Аиԥылараҿ аганқәа аусеицуразы астратегиатә ҵакы змоу азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирыхәаԥшит. Жәларбжьаратәи еиҿкаарақәа рхаҭаранкцәа рыхцәажәеит Аԥснытәи арегион аҟны имҩаԥысуа, иара убас инагӡараны иҟоу апроектқәа.
Аҳәынҭминистр дырзааҭгылеит аинаалара иазку аҳәынҭқарратә политикеи аҭынчратә аԥшьгарақәеи , еиҟәшо ажәларқәа рыбжьара усеицуреи адиалоги.