Естониа 19-ҩык ақырҭуа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит
Естониа 19-ҩык ақырҭуа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит

Естониа 19-ҩык ақырҭуа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит. Ари иазку адыррақәа рыладырҵәеит Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусҳәарҭаа излаанацҳауа ала, асанкциақәа рсиа иалоуп Қырҭтәыла аиустициа аминистр, апрокурор хада, апарламент адепутатцәа, апрокурорцәа, аӡбаҩцәа, аполициа ԥасатәи аиҳабы.

102-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа Естониа аҭаара зин рымам. Естониа асанкциақәа рзышьақәнаргылаз 19-ҩык ақырҭуа чынуаа иреиуп: Нино Галусташвили, Гиорги Гваракиӡе, Алуда Ӷудушаури, Илиа Инџьиа, Иракли Қадагишвили, Ани Хубежашвили, Мариам Лашхи, Гурам Мачарашвили, Мари Мешвелиани, Виктор Нибелишь Салиа, Ҭенгиз Шарманашвили, Иракли Швангираӡе, Созар Субари, Алықьса Табатаӡе, Сулхан Тамазашвили, Натиа Татиашвили.