„Евробарометр“ имҩаԥнагаз аҭҵаара инақәыршәаны, 2024 шықәса ҭагалан иҟаз адыррақәа раҵкьыс, Қырҭтәыла Евроеидгыла агәрагара арбага 9% рыла маҷхеит. Аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла аҭҵаара иалахәыз ауааԥсыра 49% Евроеидгыла агәра ргоит.
„Евробарометр“ Қырҭтәыла аҭҵаара 2025 шықәса хәажәкыра 25 инаркны мшаԥы 15-нӡа мҩаԥнагон, уи рхы аладырхәит 1011-ҩык аресподентцәа.
2024 шықәса ааԥын азы имҩаԥгаз аҭҵаара инақәыршәаны, аҭҵаара иалахәыз ауааԥсыра 66% Евроеидгыла агәра ргон. Ари иаанаго акоуп – атәылаҿ шықәсык ала Евроеидгыла агәрагара арбага 17% рыла маҷхеит.
Асоциологиатә аҭҵаарала, Қырҭтәыла аҭҵаара иалахәыз 37% аиҳарак Евроеидгыла агәра ргом, 14% – рыздырӡом.
Қырҭтәыла аҭҵаара иалахәыз 43% Евроеидгыла ргәаԥхоит, 38% – анеитралтә позициа рымоуп, 18% – анегативтә позициа, 1% – аҭак рымамызт.
Аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла ҭагалан азы имҩаԥгаз аҭҵаара ашьҭахь, Евроеидгыла згәаԥхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 9% рыла маҷхеит. Ари арбага 60% иаҟароуп. Аресподентцәа 7% ргәы шаанаго ала, Евроеидгыла алалара атәылаз ихырҳагам, 28% ргәы шаанаго ала, ари егьцәгьам егьбзиам. 75% ргәаанагарала, Евроеидгыла алалара Қырҭтәылазы ихырҳагоуп, аха ари арбага уаанӡатәи аҭҵаараҿ иаарԥшыз арбага аҵкьыс 7% рыла маҷхеит.
Асоциологиатә аҭҵаарала, Қырҭтәыла аҭҵаара иалахәыз 51% амилаҭтә аиҳабыра рыгәра ргоит, 44% – рыгәра ргаӡом. 48% апарламент агәра ргоит, 45% – агәра ргаӡом.