Леван Жоржолиани - Аԥыза-министр идҵала, аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз азарал ашәага-зага аилкааразы акомиссиақәа аусура иалагоит
Аԥыза-министр идҵала, аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз азарал ашәага-зага аилкааразы акомиссиақәа аусура иалагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани.
Жоржолиани иажәақәа рыла, амуниципалитетқәа рҿы аусура иалагоит, азарал зауз ауааԥсыра ацхыраара рзаадырԥшуеит.
„Ихәыҷу аинфраструктуратә усурақәа иаразнакҵәҟьа иалагоит – ахыбқәа рырҽеира анаҭаху, ихәыҷу аинфраструктуратә ԥхасҭа аныҟоу. Акомиссиа асду амзызла ауааԥсыра ироуз аԥхасҭа еилкааны, иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит. Аҳәынҭқарра асоураан аԥхасҭа зауз аҩнқәа реиҭашьақәыргылара иалагоит, амуниципалитет хаҭарнакцәа анхарҭада иаанхаз атәылуаа қьырала анхарҭақәа рзырыԥшааны, уахь иаргоит“, – иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани.