Абџьарлеибыҭара ахылаҧшразы Вашингтонтәи ассоциациа адиректор - Москвеи Америкеи рыбжьара аиадертә аиҿагылара ҟалар, уи аглобалтә аиадертә еибашьра ахылҵыр ауеит
Абџьарлеибыҭара ахылаҧшразы Вашингтонтәи ассоциациа адиректор - Москвеи Америкеи рыбжьара аиадертә аиҿагылара ҟалар, уи аглобалтә аиадертә еибашьра ахылҵыр ауеит

«Москвеи Америкеи рыбжьара аиадертә аиҿагылара ҟалар, уи аглобалтә аиадертә еибашьра ахылҵыр ауеит», — иҳәеит Абџьарлеибыҭара ахылаҧшразы Вашингтонтәи ассоциациа адиректор  Дерил Кимпбел «Қырҭтәыла арадио» аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, аиадертә аҧжәара ҟалар, арадиациа аҩаӡара аилкаара уадаҩхоит.

«Аиадертә аҧжәара асабеи алҩеи рацәа ахылҵыр ауеит. Убри аҟынтә,  арадиациа аҩаӡара аилкаара уадаҩхоит. Аиадертә аҧжәара аенергетикатә еффект ахылҵуеит, уигьы ҳхамшҭроуп.  Аҧжәара адгьыл иазааигәаны иҟалар,  уи зегьы иқәызхуа амцатә афырҭын ахылҵыр ауеит, арадиациатә еффектқәа аҧжәара аҭыҧ аҟынтә кырӡа иацәыхараны  аларҵәара рымазаауеит. Жәакала иуҳәозар,  аҧша ахырхарҭа ауп зегьы зхьыҧшу. Алҵшәақәа зеиҧшрахо аҳәара уадаҩуп», — иҳәеит Кимпбелл.