Урыстәылатәи арбџьармчқәа амацәаз аҭакны ирымоу украинатәи ақалақь Мариуполь аҿы аурыс аруаа литватәи арежиссиор Мантас Кведаравичиус дыршьит
Урыстәылатәи арбџьармчқәа амацәаз аҭакны ирымоу украинатәи ақалақь Мариуполь аҿы аурыс аруаа литватәи арежиссиор Мантас Кведаравичиус дыршьит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа амацәаз аҭакны ирымоу украинатәи ақалақь Мариуполь аҿы аурыс аруаа литватәи арежиссиор Мантас Кведаравичиус дыршьит.  Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит арежиссиор Витали Манскои идырра шьаҭас иҟаҵаны.

«Ҳҩыза гәакьа, Артдокфест алахәыла, литватәи адокументалист Мантас Кведаравичюс, акамера шикыз, иахьа Мариуполь дыршьит», — иҩит  Витали Мански.

Кведаравичиус 2016 шықәсазы Донбасстәи аибашьра иазкны афильм ҭихит.  Афильм адунеитә премиера мҩаҧысит Берлинтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы,  2016 шықәса жәабран 14 рзы.