100 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ЕАШ ԥасатәи ахада Џьимми Картер
100 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ЕАШ 39-тәи ахада Џьимми Картер.
ЕАШ 39-тәи ахада 1924 шықәса жьҭаара 1 азы Џьорџьиа аштат, Флеинс ақалақь аҿы диит.
Картер иполитикатә кариера 1962 шықәсазы иалагеит, уи Џьонџьиа аштат асенаторс далхын. ЕАШ арратә-мшынтә мчқәа рветеран Џьорџьиа аштат агубернаторсгьы далхын.
Картер ихаан ибжьаҵан Кемп Девидтәи аиқәшаҳаҭра, Израили Мысреи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргылара иазкыз аиқәшаҳаҭра.
1981 шықәсазы имҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа рҿы́ Рональд Реиган Картер даҵаирхеит.
2002 шықәса ЕАШ 39-тәи ахада Џьимми Картер аҭынчразы Нобель ипремиа ианашьан.