Ԥхынҷкәын 1 инаркны амҩа ахҵәахақәак рҿы атранспорт аӡынтәи агьежьхарԥақәа рыла иеиҭаҵроуп
Ԥхынҷкәын 1 инаркны амҩа ахҵәахақәак рҿы атранспорт аӡынтәи агьежьхарԥақәа рыла иеиҭаҵроуп

Ԥхынҷкәын 1 инаркны хәажәкыра 1-нӡа, амҩа ахҵәахақәак рҿы атранспорт аӡынтәи агьежьхарԥақәа рыла иеиҭаҵроуп, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩыҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Иара убас, иашьашәалоу аметеорологиатә ҭагылазаашьақәа раан, амҩа ахҵәахақәак рҿы  аиҭаҵра алшахоит ақәҵәраара аҽацәыхьчаратә адаҷқәа рыла.

Аӡынтәи агьежьхарԥақәа арҭ акритериқәа ирышьашәалазароуп:

  • Агьежьхарԥа аҿы асыц асимвол ианызароуп.
  • Агьежьхарԥа апротектор:
    • амашьына ласқәеи (M1) аидаратә машьынақәеи (N1, N2, N3) рҿы 3 мм иаҟаразароуп ;
    • амикроавтобусқәеи (M2) автобусқәеи (M3) рҿы 4 мм иаҟаразароуп.

Аӡынтәи агьежьхарԥақәеи ақәҵәраара аҽацәыхьчаратә даҷқәеи рыда аиҭаҵразы ахараԥса 100 лари иаҟарахоит.