Ԥхынгәы 1 инаркны азеиԥш школқәа рырҵаҩцәа рулафахәы 500 лари рыла иазҳауеит
Ԥхынгәы 1 инаркны азеиԥш школқәа рырҵаҩцәа рулафахәы 500 лари рыла иазҳауеит

Ԥхынгәы 1 инаркны азеиԥш школқәа рырҵаҩцәа рулафахәы 500 лари рыла иазҳауеит, –иҳәеит Қырҭтәыла Аҵара аминистр Гьаргь Амилахвари апарламент аҿы данықәгылоз.

Аминистр иқәгылараан азеиԥш аҵара амилаҭтә хықәкқәа ирызку адокумент ҿыц дазааҭгылеит

“Зымҽхак ҭбаау ахцәажәареи ашколқәа рхаҭарнакцәа рҽалархәрала, 2004 шықәса рышьҭахь раԥҳьаӡа, азеиԥш ҵара амилаҭтә хықәкқәа рдокумент ҿыц шьақәырӷәгәан. Уи хықәкы хадас амоуп апатриотизми, амилаҭтәи адоуҳатәи хәынаӡарақәа рырӷәӷәара”, – иҳәеит Гьаргь Амилахвари..