Ҭырқәтәылеи Сириеи иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит   7 800ҩык рҟынӡа
Ҭырқәтәылеи Сириеи иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит   7 800ҩык рҟынӡа

Ҭырқәтәылеи Сириеи иҟалаз адгьылҵысра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит   7 800ҩык рҟынӡа. Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Ҭырқәтәыла анапхгара ишаарыцҳаз ала, аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла атәылаҿ иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит   5 894ҩык рҟынӡа,  34 810ҩык ахәрақәа роуит,  5 775 ахыбрақәа ирбгоуп.

Аиқәырхаҩцәа  8000ҩык иреиҳаны реиқәырхара рылшеит. Аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ аус руеит аҭырқәа усбарҭақәа зегьы рҟынтә  60 нызқьҩык ауааҧсыра.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Сириа иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыцхьеит  1 932ҩык рҟынӡа.  812ҩык иҭахеит Сириа аиҳабыра изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ, 1 120ҩык – ақәгылаҩцәа рнапаҿы иҟоу аҵакырадгьылаҿ.