Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 176-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 176-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 176-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Шьамтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аԥсабаратә рыцҳараан иҭахеит 100-ҩык, жәҩыла ахәрақәа роуит.

Аихқәа рдыррақәа рыла, ауаа рацәаны аԥҽыхақәа рыҵаҟа иҟоупю

Ҭырқәтәылатәи аган аинформациала, адгьылҵысраан иҭахеит 76-ҩык, 440-ҩык ахәрақәа роуит. Атәыла алада-мрагыларатәи ахәҭәаҿ иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан жәақалақьк аԥхасҭа роуит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп аиқәырхаҩҵәа, азакәанхьчаҩцәа.

ЕАШ агеологиатә маҵзура аинформациала, адгьылҵысра 7.8 амагнитуда амч аамн.