Қырҭтәыла аусуратә визитла иҟоу Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Амилаҭә еизара ду Ашәарҭадареи аԥшыхәреи ркомитет ахантәаҩы Веисал Тифоглуи Ҭырқәтәылатәи апарламент аделегациа алахәылацәеи ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну ақыҭа Оӡиси иҟан.
Ҭырқәтәылатәи апарламент аделегациа алахәылацәа дрыцын Қырҭтәыла апарламент Ашәарҭадареи атәылахьчареи ркомитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Гиа Бенашвили.
Ҭырқәтәылатәи азинԥҵаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациа ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ампыҵахалара иазку адыррақәа ирзыӡырҩит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Амилаҭә еизара ду ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шалва Папуашвилии Ашәарҭадареи атәылахьчареи ркомитет ахантәаҩы Александр Табатаӡеи ирԥылеит.