Ҭырқәтәылатәи АИХқәа  - Малатиа апровинциаҿы  5,6 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит, аӡәы дҭахеит, 69ҩык аахақәа роуит
Ҭырқәтәылатәи АИХқәа  - Малатиа апровинциаҿы  5,6 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит, аӡәы дҭахеит, 69ҩык аахақәа роуит

Малатиа апровинциаҿы  5,6 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит. Ари аинформациа аладырҵәеит ҭырқәтәылатәи АИХқәа.

Уажәазы иҟоу аинформациала,   аӡәы дҭахеит, 69ҩык аахақәа роуит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла,  жәабран  6 рзы иҟалаз адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит  44 374ҩык.