Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан Қырҭтәыла атәылауаҩк дҭахеит
Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан Қырҭтәыла атәылауаҩк дҭахеит

Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан Қырҭтәыла атәылауаҩк дҭахеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

Аусбарҭа адыррала, Қырҭтәыла адипломатиатә миссиа ахаҭарнакцәа иҭахаз иуацәеи иашьашәалоу ҭырқәтәылатәи аструктурақәеи  рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп.

Иахьа ашырҧаз  Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ҕәҕәа ҟалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит  912ҩык,  5385ҩык ахәрақәа роуит.