Ҭырқәтәыла, Ҳатаитәи апровинциаҿ адгьылҵысра амшала иҭахеит 6-ҩык иреиҳаны, ахәрақәа роуит 294-ҩык
Ҭырқәтәыла, Ҳатаитәи апровинциаҿ адгьылҵысра амшала иҭахеит 6-ҩык иреиҳаны, ахәрақәа роуит 294-ҩык

Ҭырқәтәыла, Ҳатаитәи апровинциаҿ адгьылҵысра амшала иҭахеит 6-ҩык иреиҳаны, ахәрақәа роуит 294-ҩык, урҭ рҟынтә 18-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

CNN аинформациа ала, ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла Агәабзиарахьчара аминистр  Фаҳреҭин Коча.

Аминистр иажәақәа рыла, адгьылҵысра ҿыц аҭыԥ аҿы аиқәырхара-аԥшааратә операциа мҩаԥысуеит.

Ҭырқәтәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, 6.4 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра Ҳатаитәи апровинциаҿ аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 20:04 рзы ҟалеи. Хминуҭ рышьҭахь аҩбатәи адгьылҵысра иҟан, уи амс 5.8 амагнитуда аман.

Жәабран 6 рзы иҟалаз адгьылҵысра амшала Ҭырқәтәыла иҭахеит 41000-ҩык иреиҳаны, Шьамтәыла 4500-ҩык иреиҳаны.