Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Зеленскии Путини реиԥылара арҭ амшқәа рзы мҩаԥгахар ҟалап
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистр ишааицҳаз, Зеленскии Путини реиԥылара арҭ амшқәа рзы мҩаԥгахар ҟалап

Владимир Зеленскии Владимир Путини реиԥылара арҭ амшқәа рзы мҩаԥгахар ҟалап, – ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистр Ҳулус Акар.

Акар иажәақәа рыла, аконсультациатә аиԥылараҿ 40 иреиҳаны атәылақәа рхаҭарнакцәа ргәаанагарақәа еиҭнырыԥсахлан, Украина атәылахьчара ауснагӡатә план иахәаԥшит.

“Украина иҟоу ахҭсқәа ҳгәы ԥыржәоит. Иуадаҩу аситуациақәа рацәоуп. Ҳгәы шаанаго ала, аҭынчратә аӡбара аԥшаара иаҳа имариоуп”, – иҳәеит Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистр.