Ҭырқәтәыла ацаражәҳәаҩ - Аешьаратә Қырҭтәыла зегьы раҧхьа ацхырааразы аҳәара иақәҿызҭыз атәылақәа иреиуп, Адыиаман ақалақьаҿ ақырҭуа аиқәырхаҩцәа рыҟазаара ауаа агәыҕра рнаҭоит
Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Али Каан Орбаи иҳәамҭала, Қырҭтәыла зегьы раҧхьа ацхырааразы аҳәара иақәҿызҭыз атәылақәа иреиуп.
«Ҳгәыла, ҳҩыза гәакьа, ҳстратегиатә партниор, аешьаратә Қырҭтәыла зегьы раҧхьа ацхырааразы аҳәара иақәҿызҭыз атәылақәа иреиуп. Адгьылҵысра аныҟала аҽныҵәҟьа, сааҭқәак рышьҭахь, Қырҭтәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура аиқәырхаратә отриадқәа еиҿкаан. Ишсарҳәаз ала, дара 21 шықәса зхыҵуа аӡҕаб деиқәдырхеит. Адыиаман ақалақьаҿ ақырҭуа аиқәырхаҩцәа рыҟазаара ауаа агәыҕра рнаҭоит», — иҳәеит Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ.