Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧысуеит лаҵара 28 рзы
Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу алхратә хеилак аофициалла ишьақәнарҕәҕәеит Ҭырқәтәыла апрезиленттә алхрақәа аҩбатәи атур лаҵара 28 рзы ишымҩаҧысуа.
Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла Актәи аканал акорреспондент.
Аҩбатәи атур рхы аладырхәоит ҩыџьа акандидатцәа – Ҭырқәтәыла уажәтәи ахада Реџьеп Таип Ердоҕани иеиду аоппозициа акандидат Кемал Кылычдар-оҕлуи. Уажәазы иҟоу заанаҵтәи адыррақәа рыла, Реџьеп Таип Ердоҕан 49,50% абжьқәа иоуит, Кемаль Кылычдар-оҕлу – 44,89%.
Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу алхратә хеилак ахантәаҩы иахьа апресс-конференциаҿы ишиҳәаз ала, аҩбатәи атур алхраҧхьатәи акампаниа иахьа аофициалла иалагеит.