"Haberturk" – Қырҭтәыла алхырҭақәа рҿы Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рхы рыладырхәит  600ҩык иреиҳаны алхыҩцәа
"Haberturk" – Қырҭтәыла алхырҭақәа рҿы Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рхы рыладырхәит  600ҩык иреиҳаны алхыҩцәа

Қырҭтәыла алхырҭақәа рҿы Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа рхы рыладырхәит  600ҩык иреиҳаны алхыҩцәа.

«Haberturk» адыррала, иеиду аоппозициатә кандидат  Кемал Кылычдар-оҕлу идгылеит  63,58% алхыҩцәа, Ҭырқәтәыла уажәтәи ахада Реџьеп Таип Ердоҕан  31,34% абжьқәа иоуит.

Ҭырқәтәыла апрезиденттә алхрақәа  рҿы алхырҭақәа  92% иҧхьаӡоуп.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Реџьеп Таип Ердоҕан 49,76% абжьқәа иоуит, аоппозициатә кандидат Кемал Кылычдар-оҕлу  –  44,49 %,  Синан Оган — 5,30%.

Акандидатцәа рҟынтә аӡәгьы  50 наӡына еиҳаны абжьқәа имоур, алхрақәа аҩбатәи атур мҩаҧгахоит.