Каха Калаӡе  - Аҩбатәи атур аҽалархәра сазыхиоуп,  агәра ганы сыҟоуп қарҭаа рыдгылара ала аиааира шҳалшо
Каха Калаӡе  - Аҩбатәи атур аҽалархәра сазыхиоуп,  агәра ганы сыҟоуп қарҭаа рыдгылара ала аиааира шҳалшо

Аҩбатәи атур аҽалархәра сазыхиоуп,  агәра ганы сыҟоуп қарҭаа рыдгылара ала аиааира шҳалшо, —   иҳәеит Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидат Каха Калаӡе апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

«Қарҭ ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаҧгахоит, избанзар, аҧхьагылара шсымоугьы,  50-наӡынатәи абариер сзахымсит. Абри аҩыза алҵшәа зыхҟьаз амзызқәа рылацәажәара сҭахым.  Абри апроцесс аан зҵаарақәак хшыҩзышьҭра рысымҭазар ҟалап, убри азыҳәан аҭамзаара шьҭасҵоит, аха, еиҭасҳәар сҭахуп, сара аҩбатәи атур аҽалархәра сазыхиоуп, агәра ганы сыҟоуп қарҭаа рыдгылара ала аиааира шҳалшо», — иҳәеит Каха Калаӡе.