Ҭырқәтәыла, амаденҵхырҭаҿ иҟалаз аԥжәара амшала 22-ҩык ҭахеит
Ҭырқәтәыла, амаденҵхырҭаҿ иҟалаз аԥжәара амшала 22-ҩык ҭахеит

Ҭырқәтәыла, амаденҵхырҭаҿ аҭыԥ змаз аԥжәара амшала 22-ҩык ҭахеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аинцидент аан адгьыл аҵаҟа 110-ҩык аус руан. Ауаа реиқәырхаразы аусԥшаара-аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит.

Барҭын ақалақь аҿы иҟоу амаденҵхырҭаҿ аԥжәара 300 метр аҵаулараҿ ҟалеит. Амзызқәа макьана идырым.