Ҭинаҭин Берӡенишвили  - Қырҭтәыла Актәи аканал азы ахадаратә ҵакы рымоуп ауаажәларреи ауааҧсыреи, дара рзоуп иҟаҳҵо зегьы зыҟаҳҵо
Ҭинаҭин Берӡенишвили  - Қырҭтәыла Актәи аканал азы ахадаратә ҵакы рымоуп ауаажәларреи ауааҧсыреи, дара рзоуп иҟаҳҵо зегьы зыҟаҳҵо

«Қырҭтәыла Актәи аканал азы ахадаратә ҵакы рымоуп ауаажәларреи ауааҧсыреи, дара рзоуп иҟаҳҵо зегьы зыҟаҳҵо», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили Ахьыҧшымра амш иазку Арадио-акаҳуажәырҭа ишиашо аефираҿ.

«Ҳефираҿ ҳазлацәажәаз рацәоуп  —  раҧхьа иргыланы, ахьыҧшымреи ахақәиҭреи ҳрылацәажәеит. Ажәа ахақәиҭра  – ҳтәыла аихьӡарақәа иреиуп, Ауаажәларратә дырраҭара зегьы реиҳа ахақәиҭра иеиҷаҳауеит. Ари ахазына ахаангьы иаҳцәыӡуам», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.