Ҭинаҭин Берӡенишвили ОБСЕ/ODIHR анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит
Ҭинаҭин Берӡенишвили ОБСЕ/ODIHR анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит

Қырҭтәыла адуаажәларатә дырраҭара адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили ОБСЕ/ODIHR анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили, ажәабжь ҿыцқәа рблок адиректор Гьаргь Гвимраӡе,  ОБСЕ/ODIHR анаԥшратә миссиа алхратә департамент аиҳабы Меган Фитцџьеральд, абжьыҭира атезнологиа ҿыцқәа рызҵаарақәа рзы абжьагаҩ еиҳабы  Владимер Мисев, алратә зҵаарақәа рзы абжьагаҩ Ксениа Дашутина, ОБСЕ апарламенттә ассамблеиа апрограммеи администрацие рофицер еиҳабы Тим Ноблау.

ОБСЕ адемократиатә институтқәеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы аофиси (ODIHR) рмиссиа Қырҭтәылаҿ рвизит хықәкыс амоуп атәылаҿ алхраԥхьатәи ҭагылазаашьеи 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рзы аҽазыҟаҵаратә процесси рыхәшьараҭара