Ҭинаҭин Берӡенишвили - Европа ақәыԥшцәа рчемпионат Қырҭтәылазы аҵак ду амоуп, аныҳәа ду ҳамазаауеит ҳәа сгәы иаанагоит
Қарҭ, рашәара 21 рзы Ақәыԥшцәа Европа рчемпионат алагоит. Қырҭтәыла аизга актәи аиԥылара Португалиаҟны маԥнагоит.
Иахьа Дедаена абаҳчаҿ ари амш инамаданы аҽазыҟаҵара иаҿуп. Асааҭ 21:00 рзы уахь инаргароуп 21 шықәсанӡатәиқәа Европа рчемпионат аԥхьахә.
Қырҭ, Дедаена абаҳчаҿ Ашьапылампыл иазкә ауснагӡатә думҩаԥгахоит. Ауснагӡатә 21 шықәсанӡатәиқәа Европа рчемпионат иалагаанӡа мышкы шагу мҩаԥысуеит.
Рашәара 20 рзы Европа ачемпионат аԥхьахә аныҟәара Қарҭ ихыркәшахоит. Атурнир рашәара 21 рзы иалагоит, аԥхьахә ачемпион ианаршьоит ԥхынгәы 8 рзы Баҭым. Дедаена абаҳҷаҿ ақәыԥшылара ҷыда еиҿкааит. Асааҭ 22:45 рзы ахәаԥшцәа уаҵәҟьа Қырҭтәылеи Шотландиеи рматч абара рылшоит.
Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, Европа ақәыԥшцәа рчемпионат Қырҭтәылазы аҵак ду амоуп, аныҳәа ду еиҿкаауеит.