Ҭинаҭин Берӡенишвили - Ауаажәларратә дырраҭара аефир аҿы ахәаԥшцәа аспорт ахкырацәара рыдаҳгалар ҳҭахуп #1TVSPORT
Ҭинаҭин Берӡенишвили - Ауаажәларратә дырраҭара аефир аҿы ахәаԥшцәа аспорт ахкырацәара рыдаҳгалар ҳҭахуп #1TVSPORT

Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили апрограмма “Таим-аут” аҿы Қырҭтәыла Актәи аканал аефир ахь иҭыҵрын иҟоу аспорттә дырраҭарақәа дрыхцәажәеит.

«Адырраҭарақәа рсиа аазгеит, аспорт  – Ауаажәларратә дырраҭаразы астратегиатә хырхарҭақәа ируакуп. Ҳканал аспорттә гәыԥ иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, апандемиаан аԥсшьара шәымамкуа аус жәуан.

2024 шықәсазы ахәаԥшцәа Парижтәи Аолимпиадеи апараолимпиатә хәмаррақәеи дыраҳгалоит.

Ҳара ихадоу атлетика хьанҭеи аӡиудои рзы атурнирқеи, Европеи адунеи рчемпионатқәеи, регби азы ачемпионати рыдаҳгалоит. 2028 шықәсанӡа ашьапылампыл азы Европатәии адунеитәи чемпионатқәа ртранслиациа аексклиузивтә зин ҳауеит”, – илҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.