Ҭеона Ақубардиа – Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ари ахҭыс иақәҿырҭуам, аха, ҳара мраҭашәаратә ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверинитет иаҿагыланы иҟанаҵо ашьаҿақәа ирықәҿырҭырц
Ҭеона Ақубардиа – Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ари ахҭыс иақәҿырҭуам, аха, ҳара мраҭашәаратә ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверинитет иаҿагыланы иҟанаҵо ашьаҿақәа ирықәҿырҭырц

«Иванишвили ирежим Мраҭашәара ианажәыло аамҭазы, Шәачантә импыҵахалоу Аҟәаҟа раҧхьатәи адәыҕба анеиреи Урыстәылантә ишиашо авиареисқәа рымҩаҧгареи уҳәа,  Қырҭтәыла асуверинитет иаҿагыланы Урыстәыла иҟанаҵо ашьаҿақәа ирықәҿырҭуам», — илҳәеит апартиа  «Гахариа — Қырҭтәылазы»  алахәыла Ҭеона Ақубардиа иахьатәи абрифинг аҿы.

Ҭеона Ақубардиа лҳәамҭала, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, апартиа «Гахариа — Қырҭтәылазы»  мраҭашәаратә партниорцәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверинитет иаҿагыланы иҟанаҵо ашьаҿақәа ирықәҿырҭырц.

« 2023 шықәсазы Иванишвили ирежим урыстәылатәи азакәанқәа рыдыркылон, убри ала, Мраҭашәарантә аизолиациазы рҽазыҟарҵон. Уажәы, аизолиациа аҭагылазаашьаҿы, Урыстәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иаҳа иҕәҕәаны ишажәыло ҳбоит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ари ахҭыс иақәҿырҭуам, аха, ҳара мраҭашәаратә ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверинитет иаҿагыланы иҟанаҵо ашьаҿақәа ирықәҿырҭырц», — илҳәеит  Ақубардиа.