Ҭенгиз Церцваӡе – Сара аҧкрақәа раҧыхра сақәшаҳаҭым, аха,  аҧкрақәа рырмаҷра ҟалоит
Ҭенгиз Церцваӡе – Сара аҧкрақәа раҧыхра сақәшаҳаҭым, аха,  аҧкрақәа рырмаҷра ҟалоит

Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭа адиректор Ҭенгиз Церцваӡе ишиҳәаз ала, апандемиа аанкыларазы   «локдаун» анагӡареи арџьбареи ауп иаҭаху.  Аха, иара иҳәамҭала,  ауаа уразҵаар,  аҧкрақәа раҧыхра ма рырмаҷра еиҕьаршьоит.

«Сара шәсазҵаауазар, ишеибаку аҧкрақәа зегьы раҧыхра ҟалом, аха, ирмаҷзар ҟалоит, аамҭакала, иаанхо арегулиациақәа рықәныҟәаразы ахылаҧшра сырҕәҕәон. Иаҳҳәап, адәқьанқәеи ахәаахәҭратә центрқәеи аасыртуан,  аха, асабрадақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи азы ахылаҧшра сырҕәҕәон.  Иахьазы  65 наӡына атәылауаа асабрадақәа ныҟәыргоит,   100  наӡына иныҟәыргаратәы ахылаҧшра сырҕәҕәон.  Аус зуа афатәаалыҵ адәқьанқәа рҿы асоциалтә дистанциа рыхьчом. Сара адәқьанқәа аасыртуан, аха  адистанциа ахьчара аҧҟара ақәныҟәара ҕәҕәала сахылаҧшуан​​», — иҳәеит Церцваӡе.