Ҭенгиз Церцваӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла аҩынтәраан акоронавирус аҿкаара афакт макьана иҟам
Қырҭтәыла аҩынтәраан акоронавирус аҿкаара афакт макьана иҟам, — иҳәеи Аинфекциатә чымазарақәеи СПИДи ацентр адиректор Ҭенгиз Церцваӡе Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.
«Еиуеиҧшым ауааҧсыра адырра ҳарҭоит аҩынтәраан авирус ҿыркаазшәа. Аханатә абри аҩыза апациентцәа анализқәа рзыҟаҵаразы Лугар илабораториашҟа идәықәырҵоит. Аха, Қырҭтәыла аҩынтәраан акоронавирус аҿкаара афакт макьана иҟам», — иҳәеит Ҭенгиз Церцваӡе.