Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла аккредитациа змоу ЕАР аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рҟны аԥылара мҩаԥылгеит
Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла аккредитациа змоу ЕАР аиҿкаарақәа рнаԥхгаҩцәеи егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рҟны аԥылара мҩаԥылгеит.
Аиԥылараҿы аганқәа аусеицуразы астратегиатә приоритетқәеи ԥхьаҟатәи аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иара убас, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Аԥсны арегион аҿы инагӡаз, иара убас уажәы имҩаԥысуа апроектқәеи, иара убас, ԥхьаҟатәи аԥшьгарақәеи ирыхәаԥшит.
Аҳәынҭқартә министр аинаалареи аҽалархәреи рполитика анагӡара иадҳәалоу аазҵаарақәа рҵакы дахцәажәеит, уи, ганкахьала аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рхылаԥшреи рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи, даҽа ганкахьалагьы, еиҟәшо ажәларқәа рыбжьара усеицуреи адиалоги рыбжьаҵаразы ихырҳагахоит.