Ҭамар Талиашвили – Дональд Трамп акрызҵазкуа адырраҭарақәа насыгӡеит, уи иаанаго Қырҭтәыла аҳәынҭқарра анапхгареи, ауаажәлари аизыҟазаашьақәа рҿы адаҟьа ҿыц аартра, аусеицура арӷәӷәара иазхиоуп ҳәа
Ҭамар Талиашвили – Дональд Трамп акрызҵазкуа адырраҭарақәа насыгӡеит, уи иаанаго Қырҭтәыла аҳәынҭқарра анапхгареи, ауаажәлари аизыҟазаашьақәа рҿы адаҟьа ҿыц аартра, аусеицура арӷәӷәара иазхиоуп ҳәа

ЕАШ ахада Дональд Трамп агәраргагатә шәҟәы исҭеит, иара убас, Қырҭтәыла анаԥхгареи, ақырҭуа жәлари, аԥыза-министри, Қырҭтәыла Ахадеи ирзеиӷьашьарақәа, рыдныҳәаларақәа, иара убас акрызҵазкуа аацҳамҭақәа идысгалеит, – иазгәалҭеит ЕАШ иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Талиашвили.

“Иахьа ақырҭуа-америкатәи реизыҟазаашьақәа рҿы акыр зҵазкуа мшын. ЕАШ ахада Дональд Трамп агәраргагатә шәҟәы исҭеит. Иара убас, Қырҭтәыла анаԥхгареи, ақырҭуа жәлари, аԥыза-министри, Қырҭтәыла Ахадеи ирзеиӷьашьарақәа, рыдныҳәаларақәа, иара убас акрызҵазкуа аацҳамҭақәа идысгалеит. Қырҭтәыла анапхгара ҳаизыҟазаашьақәа рҿы адаҟьа ҿыц аартра иазхиоуп, ари аҩганк рзы ихырҳагахоит, хықәкыс амазаауеит ҳусеицура арӷәӷәара.

Аиԥылараҿы ҳара алшара ҳауит Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, ԥхьаҟатәи ҳпланқәеи ҳусеицуреи рыӷәӷәареи, ԥхьаҟатәи ҳусеицуреи рзы мҩақәҵагас иҟало аусуратә плани рылацәажәара“, – илҳәеит Ҭамар Талиашвили аиԥылра ашьҭахь.