Иракли Кобахиӡе - “Параграф Ҭабори” иреиҳаӡоу акласс иаҵанакуа сасааирҭоуп, абри апроект иаҧшьазгаз ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, ари аекономикатә аҿиара иалаҵоу инвестициоуп
“Параграф Ҭабори” иреиҳаӡоу акласс иаҵанакуа сасааирҭоуп, абри апроект иаҧшьазгаз ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, ари аекономикатә аҿиара иалаҵоу инвестициоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе асасааирҭа „Параграф Ҭабори“ аартра инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, „Параграф Ҭабори“, ахатә амҽхаки, амбициеи, аҵаки рыла, аҳҭнықалақь аҭоурыхаҿ акрызҵазкәа аиҭакрақәа иреиуп.
„Абри апроект иаҧшьазгаз ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, иара иоуп абри аидеиа зтәыз. Абри апроектгьы игәыҳалалратә усура аганахьала иҿырҧшыгоуп. Абри аҩыза апроектқәа зегьы ҷыдарак рымоуп, дара афинанстә хырҳагара акәымкәа, аконкреттә ақалақьи, арегиони, инеизакны ҳтәылеи рҿиара ацхраароуп изызку. „Параграф Ҭабори“ ҳаҳҭнықалақь аенергиа ҿыц ацнаҵоит, иаҳа ирацәаны асасцәа аднаҧхьалоит, уи ақалақь ҳаамҭазтәи аҿиара аганахьала иҿырҧшыгоуп“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.