Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аплатформа  «Ковакс» ала Қырҭтәыла аиуеит акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина 214 нызқь адозақәа
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аплатформа  «Ковакс» ала Қырҭтәыла аиуеит акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина 214 нызқь адозақәа

 

«Ковакс» аланарҵәеит акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинақәа реизшара иазку азҧхьагәаҭарақәа.

145 ҳәынҭқарра рахь авакцинақәа рнагара  иалагоит жәабран азы.

Аофициалтә саит аҿы икьыҧхьу адокумент инақәыршәаны,   «Ковакс» ацхыраара ала зегьы реиҳа ирацәаны авакцинақәа аиуеит Индиа  — 97 164 000 адозақәа, уи иашьҭагылоуп Бангладеш, анеҩс Бразилиа.

Адокумент ишану ала,   «Ковакс» ала Қырҭтәыла аиуеит  214 000 адозақәа; Азербаиџьан  — 506 000 адозақәа; Шәамахьтәыла   — 146 000 адозақәа, Украина — 1 215 000 адозақәа.

«Ковакс» адыррақәа рыла, 145 ҳәынҭқарра рышҟа авакцина анагара апроцесс хыркәшазароуп рашәарамзазы.