«Ковакс» аплатформала акоронавирус азы алаҵа аизшара аграфик иааиуа амчыбжь азы еилкаахоит
«Ковакс» аплатформала акоронавирус азы алаҵа аизшара аграфик иааиуа амчыбжь азы еилкаахоит

Жәларбжьаратәи амеханизм «Ковакс» аплатформала акоронавирус азы алаҵа аизшара аграфик иаауа амчыбжь азы еилкаахоит.

Ари иануп Адунеизегьтәи агәабзиара еиҿкаара аланарҵәаз апрессрелиз аҿы. Арелиз аҿы ишаны ала, акоронавирус азы алаҵақәа актәи апартиақәа реизшара жәабран анҵәамҭазы алагоит, ашьаҭатәи ахәҭа атәылақәа хәажәкыразы роуеит.