Саломе Зурабишвили аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит аҽынкылара аадырҧшырц
Саломе Зурабишвили аиҿцәажәарақәа рылахәылацәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит аҽынкылара аадырҧшырц

«Аганқәа зегьы аҽынкылара аадырҧшырц, иаҭахым апровокациақәеи цасҳәа ажиотажи аҟынтә рҽааныркыларц, имҩаҧысуа апроцесс иаҧырхагахаша акгьы ҟарымҵарц срыҳәоит», — иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҳәамҭаҿы.

«Амш анҵәамҭазы, Кристиан Даниельсон аиҧыларақәа актәи араунд анымҩаҧига ашьҭахь, даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ари апроцесс аҵакы ду шамоу, иара ҭабуп ҳәа иасҳәоит Қырҭтәыла адемократиатә аҿиара адгылареи амедиациеи азыҳәан.

Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак иахьатәи ивизит даҽазнык аанарҧшуеит Қырҭтәыла Евроеидгылазы аҵакы ду шамоу. Кристиан Даниельсонгьы уи иаҵшьны иазгәеиҭеит.

Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы сара даҽазнык аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит абри ашанс рхы иадырхәарц», — иануп Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.