Саломе Самадашвили – Европатәи ҳколлегацәа аиҿцәажәарақәа рынагӡара иахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡар, ҳара мап ҳкуам
Саломе Самадашвили – Европатәи ҳколлегацәа аиҿцәажәарақәа рынагӡара иахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡар, ҳара мап ҳкуам

«Иаку амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнак  Саломе Садамашвили ишылҳәаз ала, жәларбжьаратәи апартниорцәа иахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡар, анапхгаратә партиеи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа нагӡахоит.

Самадашвили лҳәамҭала, аиҿцәажәара нырагӡара алшара иҟоу иҟаму еилкаахоит иааиуа амшқәа рзы.

«Иааиуа амчыбжь азы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  Қырҭтәыла аҭагылазаашьа иалацәажәоит. Европатәи ҳколлегацәа аиҿцәажәарақәа рынагӡара иахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡар, ҳара мап ҳкуам. Аха, алҵшәа ҟаларцаз,  «Ақырҭуа гәахәтәы» рпозициа еиҭахәаҧшроуп. Сара аиҿцәажәарақәа рдетальқәа сызрылацәажәом,. Анапхгаратә гәыҧ ахадаратә ҵакы змаз азҵаарақәа зегьы рзы убри аҩыза апозициа рыман, аиқәшаҳаҭхаразы изакәызаалак лшарак ҟамлеит», — илҳәеит Самадашвили.