Рос Уилсон  - Ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранаҳшьоит, алидерцәа иҳараку аҩаӡараҟны имҩаҧырго аиҧыларақәа ҳрықәшаҳаҭуп
Рос Уилсон - Ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранаҳшьоит, алидерцәа иҳараку аҩаӡараҟны имҩаҧырго аиҧыларақәа ҳрықәшаҳаҭуп

Қырҭтәыла иҟоау Америка ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩ Рос Уилсон иҳәамҭала, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Америкаҟа визитла ддәықәлар ҟалап, ари азҵаара иалацәажәоит, аха аҵыхәтәантәи аӡбара макьана ирыдрымкылац.

Рос Уилсон ишазгәеиҭаз ала, Америкеи Қырҭтәылеи аимадара ҕәҕәа рыбжьоуп.

„Ахада Зурабишвили визитла Америкаҟа дцар шылҭаху аалыцҳаит. Ари азҵаара ҳалацәажәоит, аха аконкреттә аӡбара макьана ирыдрымкылацт.  Ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранаҳшьоит, алидерцәа иҳараку аҩаӡараҟны имҩаҧырго аиҧыларақәа ҳрықәшаҳаҭуп. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, ҳтәылақәа аимадара ҕәҕәа рыбжьоуп. Ҳара адәныҟавтиә аусқәа рминситрра ҳадҵаалт, аха ишҳарҳәаз ала, аҵыхәтәантәи аӡбара макьана ирыдрымкылацт“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Рос Уилсон.