Қырҭтәылеи ЕАШ-и агрант азы еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи ЕАШ-и агрант азы еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Қырҭтәылеи ЕАШ-и агрант азы еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи инақәыршәаны ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара агентра USAID Қырҭтәыла азалнахуеит 67 миллион америкатәи адоллар иаҟароу агрант аиуеит, 330 миллион рҟынӡа азҳара аперспективала.

Анапаҵаҩра ацеремониа мҩаԥган Қырҭтәыла Аиҳабыра радминистрациа аҿы.

Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии USAID амиссиа адиректор Питер Виблери.

Ацеремониа аадыртит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Қрҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани.