Қырҭтәыла апарламент аҿы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури изыӡырҩуеит
Қырҭтәыла апарламент аҿы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури изыӡырҩуеит

Қырҭтәыла апарламент аҿы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури изыӡырҩуеит. Адепутатцәа аминистр иҧхьеит ҧхынгәы  5-8 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы.

Азыӡырҩра иалагоит асааҭ  12 рзы.

Абоикот ҟазҵо  «Амилаҭтә ҵысра» адепутатцәа азыӡырҩрашҟа инеиуоу имнеиуоу макьана идырым.

Аминистр изыӡырҩра аан апарламент аҧхьа АИХ ахаҭарнакцәа акциа мҩаҧыргоит.